Илиа  Дарчиашвили  Литва даҭаауеит НАТО Вильниустәи асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны
Илиа  Дарчиашвили  Литва даҭаауеит НАТО Вильниустәи асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны

Ҧхынгәы 11-12 рзы Вильниус имҩаҧысуа  НАТО асаммит  рхы аладырхәоит Қырҭтәыла аделегациа.  Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа  ишану ала, аделегациа дахагылоит адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адырра ишану ала, Илиа Дарчиашвили адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа рыҩаӡараҟны имҩаҧысуа аилатәара ихы алаирхәоит, ари аилатәара, иара убас, рхы аладырхәоит  Швециеи (Алиансахь ааҧхьара змоу атәыла аҳасабала), Босниеи  Герцеговинеи,  Молдовеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәеи Евроеидгыла анапхгареи.

Аиҧылараҿы арегионалтәи аглобалтәи шәарҭадара азҵаарақәа ирылацәажәоит.

«Асаммитаҿ аихшьаалатә декларациа рыдыркылоит, уи аҿы иарбахоит Қырҭтәыла апрогресси НАТО алаларазы атәыла иамоу аперспективақәеи. Иара убас, асаммит алахәылацәа даҽазнык ишьақәдырҕәҕәоит Алианс Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.

Вильниустәи асаммитаҿ Қырҭтәыла алахәызаара даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит Алианс алахәылацәа Қырҭтәыла евроатлантикатә интеграциа ишазҿлымҳау, Қырҭтәыла азҵаара НАТО аусхәаҧштә аҿы актуалтә ҵакы шамоу», — иануп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.