Илиа  Дарчиашвили – Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аҧхықәрақәа зегьы нанагӡоит, наҟ-наҟгьы инанагӡалоит, ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟасҵоит ҳтәыла аҭааҩцәа ишахәҭоу еиҧш ирызныҟәаларц
Илиа  Дарчиашвили – Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аҧхықәрақәа зегьы нанагӡоит, наҟ-наҟгьы инанагӡалоит, ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟасҵоит ҳтәыла аҭааҩцәа ишахәҭоу еиҧш ирызныҟәаларц

«Ҳтәылаҿ атуризм аҿиара иаҧырхагоу  ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟасҵоит, аҳаирпланлеи аҕбалеи  ҳтәыла иаҭааиз атуристцәа излеиҧшым сзеилымкааит, уи ҳтәылаҿ атуризм аҿиара иаҧырхагоу провокациоуп», — иҳәеит адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.

Дарчиашвили аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаиҵеит атәыла аҧырхагахара иаҟәыҵырц.

«Ҳтәыла аекономикатә ганахьала аҿиара иаҿуп, атуризм аҿиара иаҿуп, аконкреттә ауааҧсыра рахь абри аҩыза агрессиа заадырҧшуа еилкаам. Егьи аганахьала, изныкымкәа ишаҳҳәахьаз еиҧш,  Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аҧхықәрақәа зегьы нанагӡоит, наҟ-наҟгьы инанагӡалоит.  Асанкциақәа ззышьақәыргылоу атранспорттә хархәагакгьы ҳтәылашҟа имааицт. Қырҭтәыла аҭааҩцәа абас рызныҟәара иахәҭам, уи ҳтәыла атуризм аҿиара иаҧырхагоуп, ауааҧсыра зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит ишахәҭам еиҧш  рхы мҩаҧырымгаларц», — иҳәеит  Дарчиашвили.

Урыстәыла атәылауаа мҩанызго акруизтә лаинер баҭымтәи абаҕәазаҿ апротесттә акциала иаҧылеит.

Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрраҿы ишырҳәаз ала,  Палау абираҟ аҵаҟа иӡысуа акруизтә лаинер  Astoria Grande асанкциақәа азышьақәыргылам, уи адунеи зехьынџьара еиуеиҧшым абаҕәазақәа рҭалара алшоит.