Илиа  Дарчиашвили аофициалтә визитла Бырзентәыла даҭаауеит
Илиа  Дарчиашвили аофициалтә визитла Бырзентәыла даҭаауеит

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа  Дарчиашвили жәабран 15-16 рзы аофициалтә визитла Бырзентәыла даҭаауеит.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Илиа Дарчиашвили Бырзентәыла ахада  Катерина  Сакелларопулоси адәныҟатәи аусқәа рминистр  Никос  Дендиаси дырҧылоит.

Аофициалтә аиҧылара ашьҭахь, ҩ-тәылак рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа апресс-конференциа мҩаҧыргоит.