Илиа Дарчиашвили аофициалтә визитла Азербаиџьанҟа ддәықәлоит
Илиа Дарчиашвили аофициалтә визитла Азербаиџьанҟа ддәықәлоит

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили мшаԥы 26-27 рзы аофициалтә визитла Азербаиџьан ддәықәлоит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апрессмаҵзура аинформациа ала, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны адәныҟатәи аусқәарҭа анапхгаҩы Азербаиџьантәи ареспублика ахада Ильҳам Алиеви, Азербаиџьантәи ареспублика аԥыза-министр Али Асадови, Азербаиџьантәи ареспублика Мили меџьлис ахантәаҩы Саҳиба Гафаровеи Азербаиџьантәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Џьеиҳун Баирамови дырԥылоит.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, авизитаан аганқәа Қырҭтәылеи Азербаиџьани ирыбжьоу астратегиатә партниорра азҵаарақәа ирыхәаԥшуеит.