Илиа Аҩбатәи - Хәажәкыра 31 рзы имҩаҧгаз ареферендум ауп ахьыҧшымра аиҭашьақәыргыларазы шьаҭас иҟалаз, уи Звиад Гамсахәрдиеи, усҟантәи Иреиҳаӡоу ахеилаки, Қырҭтәыла ауааҧсыреи ирыбзоуроуп
Ишәыдысныҳәалоит Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ зегьирзеиҧшу ареферендум амҩаҧгареи ҳтәыла раҧхьатәи ахада имширеи, – иануп Қырҭтәыла Апатриархиа иаланарҵәаз, Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.
Илиа Аҩбатәи ишазгәеиҭаз ала, хәажәкыра 31 рзы имҩаҧгаз ареферендум ауп ахьыҧшымра аиҭашьақәыргыларазы шьаҭас иҟалаз, уи Звиад Гамсахәрдиеи, усҟантәи Иреиҳаӡоу ахеилаки, Қырҭтәыла ауааҧсыреи ирыбзоуроуп.
„34 шықәса раҧхьа, хәажәкыра 31 рзы, зегьирзеиҧшу ареферендум мҩаҧган (Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рҿгьы). Ареферендум аҿы зҵаара заҵәык иқәгылан – „ 1918 шықәса лаҵара 26тәи Ахьыҧшымра акт ашьаҭала Қырҭтәыла аҳәынҭқарра ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара шәақәшаҳаҭума?“ – ҳтәыла ауааҧсыра зегьы, еицҿакны, ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара иақәшаҳаҭхеит. Уи Звиад Гамсахәрдиеи, усҟантәи Иреиҳаӡоу ахеилаки, Қырҭтәыла ауааҧсыреи ирыбзоуроуп. Ишәыдысныҳәалоит Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ зегьирзеиҧшу ареферендум амҩаҧгареи ҳтәыла раҧхьатәи ахада имширеи. Џьанаҭ гыларҭас иоуааит, иҧсы ҭынчыз“, – иануп Илиа Аҩбатәи иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.