Амитрополит Шио - Илиа Аҩбатәи иҧсҭазаара зегьы амилаҭ аидҵара иазикит, иҧсрашьҭахьгьы уи наигӡоит, уи ауп аџьашьахәы хада, агәырҭынчга хада
Амитрополит Шио – Илиа Аҩбатәи иҧсҭазаара зегьы амилаҭ аидҵара иазикит, иҧсрашьҭахьгьы уи наигӡоит, уи ауп аџьашьахәы хада, агәырҭынчга хада
Ауаҩы цқьа, ауаҩы гәыраз иҧсҭазаара даналҵуа, ахьаа ду инаваргыланы, уи, хымҧада Анцәа илҧхеи, агәырҭынчгеи, жәҩантә гәырҕьареи, амч дуи ацуп. Уи злаубарҭои? Раҧхьатәи амш азы ари аџьашьахәы ҳбеит, Қырҭтәыла зегьы ашьапы иқәгылан, ауааҧсыра зегьы, рхьаа ду аадырҧшырцаз, иџьабарцаз ҳПатриарх инышәынҭрашҟа идәықәлеит. Ҳмилаҭ рыгәҭа аҧси Анцәа иахь абзиабареи аиааира агеит, – иҳәеит Апатриарх ишьҭрамҭаҩ, Сенакии Чхороҵҟуи амитрополит Шио (Муџьири) Сиони аныхабааҿы абжьагажәа аниҳәоз.
Иара иажәақәа рыла, Апатриарх Илиа Аҩбатәи жәҩантә хылаҧшҩыс дҟалоит.
„Акыр иаҧсоу аҧшьаҩеиҳабацәа, абацәа, анацәа, ҳара ҳПатриарх инышәынҭраҿы ҳгылоуп. Ажәахә аҳәара ҳгәы иҭамызт, аха, уезгьы, жәақәак ҳәатәуп. Иара ҳагәқәа рҿы абри аҩыза абзиабара ду аанижьит, илшамҭақәа убас идууп, Апатриархцәа рацәа рыҧсҭазаараҿы ирызхарын. Ҳпатриарх абри аҟара ҟаиҵеит, абри аҟара ҳзаанижьит. Иҧсра агәырҩа дуи ахьаа дуи ҳазцәырнагеит. Раҧхьатәи аминуҭқәа сгәаласыршәар сҭахуп. Усҟангьы уажәгьы акоуп ҳзызхәыцуа, абри аҩыза аб данаҳцәыӡ ашьҭахь ҳуахәаматә ҧсҭазаара ишҧанаҳагӡо. Ауаҩы цқьа, ауаҩы гәыраз иҧсҭазаара даналҵуа, ахьаа ду инаваргыланы, уи, хымҧада Анцәа илҧхеи, агәырҭынчгеи, жәҩантә гәырҕьареи, амч дуи ацуп. Уи злаубарҭои? Раҧхьатәи амш азы ари аџьашьахәы ҳбеит, Қырҭтәыла зегьы ашьапы иқәгылан, ауааҧсыра зегьы, рхьаа ду аадырҧшырцаз, иџьабарцаз ҳПатриарх инышәынҭрашҟа идәықәлеит. Ҳмилаҭ рыгәҭа аҧси Анцәа иахь абзиабареи аиааира агеит. Абри ауп ҳзырҭынчуа ҳәа ҳәҳар ҳалшоит. Ҳара лабҿаба иаабоит Илиа Аҩбатәи иҧсҭазаара зегьы амилаҭ аидҵара дшазықәҧоз еиҧшҵәҟьа, иҧсрашьҭахьгьы уи шынаигӡо, уи ауп аџьашьахәы хада, агәырҭынчга хада. Ауаа рырҭынчреи, абжьагарақәа ҳаҭареи, ҳаидкылареи наигӡоит. Ҳара-ҳара ҳабжьара абзиабареи Анцәа иахь абзиабареи иаҳа ҳцәа ианыруеит. Иара зыҧсы ҭоу абзиабара ҳзаанижьит, зыҧсы ҭоу ауахәама ҳзаанижьит, Анцәа иахь абзиабара ду ҳзаанижьит. Ҳпатриарх жәҩантә хылаҧшҩыс даҳзыҟалоит. Ҳмилаҭ еидгылааит, еиқәхааит, иҕәҕәахааит, ҳуахәамагьы иаҳа иҕәҕәахааит, иара иныҳәарала, қәнагарала амаҵзура наҳагӡааит“, – иҳәеит амитрополит Шио.