Амитрополит Шио - Ҳпатриарх зныкыр игәы иҳархьзар, иара ишиҭахыз еиҧш ак ҳзыҟамҵазар ҳаҭаимҵааит
Амитрополит Шио – Ҳпатриарх зныкыр игәы иҳархьзар, иара ишиҭахыз еиҧш ак ҳзыҟамҵазар ҳаҭаимҵааит
Аҧшьаҩеиҳабацәа, акыр иаҧсоу абацәа, анацәа, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, минуҭқәак рышьҭахь Сиони аныхабаа цқьаҿы ҳдоуҳатә аб, Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх анышә дамаҳдоит, – иҳәеит Апатриарх ишьҭрамҭаҩ, Сенакии Чхороҵҟуи амитрополит Шио Сиони аныхабааҿы.
Амитрополит Шио ишиҳәаз ала, Илиа Аҩбатәи Сиони аныхабаа ҷыдала дазныҟәон, уаҟа иалагеит 49-шықәсатәи ипатриархтә ауранагӡара.
„Абри аныхабааҿ иакымкәа аидеиақәа иит, анеҩс, ҳПатриарх арҭ аидеиақәа наигӡон, ҳтәылеи ҳуахәамеи абзиара ду азааигон. Ҳпатриарх еснагь абри аныхабаа алҧха ицын. Иара ашьаҩцәас иазхеиҵаз апатриархцәа зегьы абра анышә иамадоуп, убри азакәзар ҟалап ари аныхабаа ҷыдала дзазныҟәоз.
Ҳпатриарх зныкыр игәы иҳархьзар, иҳәатәы наҳамгӡазар, иара ишиҭахыз еиҧш ак ҳзыҟамҵазар, ҳиҳәоит, ҳаҭаимҵааит “, – иҳәеит амитрополит Шио.