Ауаҩы иаша иҧсра агәыҕрагьы ацуп, арҭ амшқәа рзы аџьахәыҵәҟьа ҳбеит, Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы Илиа Аҩбатәи ҭабуп ҳәа иарҳәоит, гәыкала бзиа дшырбо аадырҧшуеит. Абри аҩыза абзиабара ҕәҕәеи аидгылареи адоуҳатә амч ду ҳнаҭоит абарҭ ихьанҭаӡоу амшқәа рыхгара ҳалшарц азыҳәан. Ари акзаара агәыҕра ду ҳнаҭоит Ҳпатриарх ду иаҳзаанижьыз аҭынха ду ахьчара ҳалшап ҳәа, – иҳәеит Апатриарх ишьҭрамҭаҩ амитрополит Шио Муџьири Сиони аныхабааҿы абжьагажәа аниҳәоз.
Амитрополит Шио ажәлар Қырҭтәыла ауахәама автокефалиа аиҭашьақәыргылара амш рыдныҳәаланы, ари амҩаҿ Илиа Аҩбатәи иҟаиҵаз аусқәа дрылацәажәеит.
„Аиашаз, 1917 шықәсазы ҳара автокефалиа еиҭашьақәҳаргылеит, аха, уи Адунеи Апатриархиеи Адунеи аиашахаҵаратә уахәамеи иазхарҵаратәы иҟаҵатәын. Ари аус ду инапы аиркит Қырҭәтыла Акаталикос-Патриарх Илиа аҩбатәи. Иара ибзоурала, 1990 шықәсазы Константинополь, Адунеи Апатриарх Димитриос Актәи Қырҭтәыла ауахәама иазихынҳәит жәытәнатәаахыс иҳамаз автокефалиеи Апатриархиа атитули.
Ауаҩы иаша иҧсра агәыҕрагьы ацуп, арҭ амшқәа рзы аџьахәыҵәҟьа ҳбеит, Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы Илиа Аҩбатәи ҭабуп ҳәа иарҳәоит, гәыкала бзиа дшырбо аадырҧшуеит. Абри аҩыза абзиабара ҕәҕәеи аидгылареи адоуҳатә амч ду ҳнаҭоит абарҭ ихьанҭаӡоу амшқәа рыхгара ҳалшарц азыҳәан. Ари акзаара агәыҕра ду ҳнаҭоит Ҳпатриарх ду иаҳзаанижьыз аҭынха ду ахьчара ҳалшап ҳәа, – иҳәеит Апатриарх ишьҭрамҭаҩ амитрополит Шио Муџьири.
Иахьа, хәажәкыра 25 рзы, Илиа Аҩбатәи иҧсра инаркны ажәбатәи мшуп.
Апатриарх ишьҭрамҭаҩ, амитрополит Шио Сиони аныхабааҿы Анцәаимаҵзуреи апанихидеи мҩаҧигеит.
Қырҭтәыла 141-тәи Акаталикос-Патриарх Илиа Аҩбатәи, 93 шықәса дшырҭагылаз, хәажәкыра 17 рзы иҧсҭазаара далҵит.
Хәажәкыра 22 рзы Илиа II Сиони аныхабааҿы анышә дамардеит.