Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа Аҩбатәи иҧсыжрахь даауеит адунеи Апатриарх Барталомеи
Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа Аҩбатәи иҧсыжрахь даауеит Адунеи Апатриарх Барталомеи
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ари аинформациа шьақәдырҕәҕәеит.
Адунеи Апатриарх Барталомеи Гьаргь ацқьа ихьӡала иҟоу апатриархиатә ныхабааҿы Қырҭтәыла Апатриарх Илиа Аҩбатәи изы апанихида мҩаҧигеит. Қырҭтәыла ауахәама Асинод цқьа ашҟа иааишьҭыз ашәҟәы аҟны Адунеи Апатриарх Қырҭтәыла Апатриархиеи ақырҭуа жәлари гәыкала дрыдашшылеит.
Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа Аҩбатәи анышә дамардоит амҽышаз, хәажәкыра 22 рзы, Сиони аныхабааҿы.