Илиа аҩбатәи ииубилеи инамаданы имҩаԥысуа агалаконцерт иахьа, асааҭ 20:30 инаркны Актәи аканал ишиашоу аефир аҿы иддырбоит
Илиа аҩбатәи ииубилеи инамаданы имҩаԥысуа агалаконцерт иахьа, асааҭ 20:30 инаркны Актәи аканал ишиашоу аефир аҿы иддырбоит

Қырҭтәыла акатоликос-патриарх Илиа аҩбатәи ииубилеи инамаданы имҩаԥысуа агалаконцерт иахьа, асааҭ 20:30 инаркны Актәи аканал ишиашоу аефир аҿы иддырбоит .

Илиа аҩбатәи иинтронизациа 45 шықәса ҵреи 90 шықәса ихыҵреи инамаданы аныҳәатә галаконцерт Зақариа Ԥалиашвили ихьӡ зху аопереи абалети ртеатр аҿы аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иӡбареи Аиҳабыра радминистрациа аиҿкаареи рыла мҩаԥгахоит.

Аконцерт рхы аладырхәоит аопера ашәаҳәаҩцәеи, агәыԥтәи ақырҭуа естрадеи рхаҭарнакцәеи, аконцерт арежиссиор Бакур Бакураӡе иоуп.