Илҳам Алиев – Франциа аҭынчратә процесс изалахәхом, уи еилкаауп, дара роуп изхароу,  рымшалоуп ҧхынҷкәын  7 рзы Еммануель Макрони Шарль Мишели ралахәрала аиҧылара шымҩаҧымсуа
Илҳам Алиев – Франциа аҭынчратә процесс изалахәхом, уи еилкаауп, дара роуп изхароу, рымшалоуп ҧхынҷкәын  7 рзы Еммануель Макрони Шарль Мишели ралахәрала аиҧылара шымҩаҧымсуа

 Азербаиџьан ахада Илҳам Алиев иҳәамҭала, Франциа Бақәеи   Шәамахьтәылеи рыбжьара аҭынчратә еиҿцәажәарақәа изрылахәхәом, убри аҟынтә, ҧхынҷкәын  7 рзы  Еммануель Макрони Шарль Мишели рҽалархәрала Бриуссель  имҩаҧысраны иҟаз аиҧылара изымҩаҧысуам.

Илҳам Алиев ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Бақәа имҩаҧысуаз жәларбжьаратәи аконференциаҿы данықәгылоз.

Азербаиџьан алидер ишиҳәаз ала, Прага имҩаҧысыз аиҧылара ашьҭахь Еммануель Макрон  Азербаиџьан акритика азуны, Бақәа  иахарамыз ахараиҵеит.

Илҳам Алиев иажәақәа рыла, убри ашьҭахь Франциатәи Сенат Азербаиџьан аҳаҭыр лазырҟәо арезолиуциа аднакылеит.

«Абри зегьы иазҧхьагәаҭаны, Франциа аҭынчратә процесс изалахәхәом, уи еилкаауп, уи дара роуп изхароу, дара рымшалоуп ҧхынҷкәын  7 рзы Еммануель Макрони Шарль Мишели рҽалархәрала аиҧылара шымҩаҧымсуа», — иҳәеит  Алиев.