Ильҳам Алиев - Уажәазы атранзит мҩаҧысуеит Қырҭтәыла аҵакырадгьыл ала, аха, хара имгакәа, Шәамахьтәылантә Азербаиџьан иалсны ишиашо атранзит еиқәҳаршәоит, ари амш ааигәахоит 
Ильҳам Алиев - Уажәазы атранзит мҩаҧысуеит Қырҭтәыла аҵакырадгьыл ала, аха, хара имгакәа, Шәамахьтәылантә Азербаиџьан иалсны ишиашо атранзит еиқәҳаршәоит, ари амш ааигәахоит 

Уажәазы атранзит мҩаҧысуеит Қырҭтәыла аҵакырадгьыл ала, аха, хара имгакәа, Шәамахьтәылантә Азербаиџьан иалсны ишиашо атранзит еиқәҳаршәоит, ари амш ааигәахоит, — иҳәеит Азербаиџьан ахада  Ильҳам Алиев Давос имҩаҧысуа Адунеизегьтәи аекономикатә форум аҿы данықәгылоз.

Алиев иҳәамҭала, Азербаиџьан аерман аган рҟынтә аҳәара роуит Шәамахьтәылантә Урыстәылаҟа атранзит амҩаҧгаразы. Бақәа  иақәшаҳаҭхан,  Шәамахьтәыла акорридор азаадыртит.

Ильҳам Алиев иаҵшьны иазгәеиҭеит Азербаиџьан азы ахадаратә ҵакы шрымоу арегиони агәылара иҟоу атәылақәеи.

«Гәахәарала иазгәасҭар сҭахуп ахьыҧшымра ашықәсқәа ирылагӡаны ҳара агәылацәа зегьы рҟны аусеицуратә еизыҟазаашьа бзиақәа рышьақәыргылара шҳалшаз, ҳәарада, Шәамахьтәыла ада  — уи амзызқәа ибзианы ижәдыруеит. Аха, араагьы, аҭынчра ашьақәыргылара ашьҭахь  аусеицуреи аекспорттә операциақәа рымҩаҧгареи ҳалагеит», — иҳәеит Азербаиџьан ахада.