Ильҳам Алиев –  Қырҭтәыла аҵакырадгьыл ала Азербаиџьанынтә Шәамахьтәылаҟа аидара амҩангара ианалага ашьҭахь зҵакы дуу атранзит аиқәыршәаразы ақырҭуа ҳҩызцәа ҳраҭабууп
Ильҳам Алиев –  Қырҭтәыла аҵакырадгьыл ала Азербаиџьанынтә Шәамахьтәылаҟа аидара амҩангара ианалага ашьҭахь зҵакы дуу атранзит аиқәыршәаразы ақырҭуа ҳҩызцәа ҳраҭабууп

Аҵыхәтәантәи аамҭазы Азербаиџьан,  бжеиҳарала,  аинфраструктура аҧара аланаҵоит,  абаҕәазақәеи,  амхамҩеи,  автомагистральқәеи,  авиааидарамҩангареи уҳәа,  убас егьырҭгьы,  – иҳәеит Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев Миунхен имҩаҧысуа Ашәарҭадара аконференциаҿы.

Иара иажәақәа рыла,  зҵакы дуу атранзиттә амҩангарақәа реиҳара Аахыҵ Кавказ атәылақәа ирылсны имҩаҧысуеит.

«Ҳара Азербаиџьан аҵакырадгьыл ала атауар амҩангара иадҳәалаз аҧкрақәа зегьы аҧаҳхит. Қырҭтәыла аҵакырадгьыл ала Азербаиџьанынтә Шәамахьтәылаҟа аидара амҩангара ианалага ашьҭахь зҵакы дуу атранзит аиқәыршәаразы ақырҭуа ҳҩызцәа ҳраҭабууп. Иара убас, Шәамахьтәылаҟа анефҭаалыҵ анагара ҳалагеит. Дара рзы уи аҵакы ду амоуп, фактла иуҳәозар, ҩ-ганктәи ахәаахәҭра ҳалагеит. Иаҳзеиҧшу апроектқәеи акорридорқәеи иаҳа ҳаидыркылоит, Аахыҵ Кавказаҿ зынӡаскгьы даҽа ҭагылазаашьак ҟалоит. Азербаиџьани, Қырҭтәылеи, Шәамахьтәылеи х-ганктәи аформатаҿ аусеицура иалагоит», — иҳәеит  Алиев.