Илья Дарчиашвили Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ иҭеит арҭбаара апакет аҳәаақәа ирҭагӡаны еиқәыршәаз раҧхьатәи аҳасабырба
Илья Дарчиашвили Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ иҭеит арҭбаара апакет аҳәаақәа ирҭагӡаны еиқәыршәаз раҧхьатәи аҳасабырба

Илья Дарчиашвили Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ иҭеит арҭбаара апакет аҳәаақәа ирҭагӡаны еиқәыршәаз раҧхьатәи аҳасабырба

Қырҭәтыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Ҳерчински иҭеит арҭбаара апакет аҳәаақәа ирҭагӡаны Еврокомиссиазы еиқәыршәаз раҧхьатәи аҳасабырба.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, аҳасабырба шьақәырҕәҕәан    2023 шықәса мшаҧы 18 рзы имҩаҧгаз Евроеидгылахь Қырҭтәыла аинтеграциа азҵаарақәа рзы акомиссиа  66-тәи аилатәараҿы, аилатәара анапхгара азиуан Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.

Аҳасабырба 35 ахқәа амоуп,  уаҟа иарбоуп Евроеидгылахь аинтеграциа аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵыхәтәантәи шықәсык иалагӡаны имҩаҧгаз аусура. Аҳасабырба армазеира иалагеит жәабран анҵәамҭаз,  Евроеидгыла аҳәара инақәыршәаны,  ари апроцесс иалахәын аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи,  азакәанҧҵаратә органи,  аӡбаратә мчреи. Аҳасабырбаҿы иарбоуп 2022 шықәса лаҵара инаркны иахьанӡа Евроеидгыла азааигәахара аганахьала имҩаҧгаз азакәанҧҵаратәи,  аинституциатәи,  егьырҭи ауснагӡатәқәа,  урҭ рыгәҭа аҳасабырбаҿы иҟоуп аусхкытә хкқәа инрықәыршәаны имҩаҧгоу аусура иазку аинформациагьы.

Еврокомиссиа ахәшьараҭаратә аҳасабырба цәырнагоит 2023 шықәса ҭагалан азы, убри ашьаҭала, 2023 шықәса анҵәамаҭаз Европатәи ахеилак Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара азҵаара иахәаҧшуеит.