Павел Ҳерчински  -  Қырҭтәылеи асасдкылара злоу ақырҭуа жәлари амчылареи, атәылауаҩратә еибашьреи, аҕарреи, агәаҟреи  аамҭа лашьцақәа рахь рыхынҳәра  алҳмыршароуп
Павел Ҳерчински  -  Қырҭтәылеи асасдкылара злоу ақырҭуа жәлари амчылареи, атәылауаҩратә еибашьреи, аҕарреи, агәаҟреи  аамҭа лашьцақәа рахь рыхынҳәра  алҳмыршароуп

Қырҭтәыла амҩеиҿыҵырҭаҿ игылоуп.  Қырҭтәыла иаҧеиҧшхо макьана иҩым, аха, анеҩстәи амчыбжьқәеи амзақәеи рзы ирыдыркыло аӡбара ҳәаақәнаҵоит Қырҭтәыла адемократиеи, азакәан ахадареи, ауаҩытәыҩса изинқәеи рышьаҭала ишьақәгылаз европатәи аҭаацәара иалахәхәо, мамзаргьы, ҧаса изҭагылаз аамҭа лашьца иазыхынҳәоу, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Ҳерчински Бриуссель, Адәныҟатәи  аусқәа рзы амаҵзураҿы, уаҟа иаадыртит адокументалтә фотоцәыргақәҵа  „Қырҭтәыла афокус аҿы“.

Иара иажәақәа рыла, Евроеидгыла ахатә позициа аанарҧшит Қырҭтәыла акандидат астатус ананаршьа.

Ҳерчински ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла евроинтеграциеи адемократиеи амҩа иазыхынҳәып ҳәа дгәыҕуеит.

„Акоуп ақырҭуа жәлар ирасҳәар исҭаху  – „агәыҕра шәцәымӡааит“.  Қырҭтәылеи асасдкылара злоу ақырҭуа жәлари амчылареи, атәылауаҩратә еибашьреи, аҕарреи, агәаҟреи  аамҭа лашьцақәа рахь рыхынҳәра  алҳмыршароуп. Дара иаҳа еиҕьу аразҟы рымазароуп. Атәыла анапхгара ҳара аус ҳацура шырҭаху аадырҧшыр, иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит Қырҭтәыла Евроеидгыла алахәылас иҟаларцаз“, – иҳәеит Ҳерчински.