Илиа Дарчиашвили – Адәныҟатәи азҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахеилак аилатәараҿы  рызынтәгьы иазгәарҭеит Қырҭтәыла европатәи аҭаацәараҿы ишырбо, уи ҳара ҳзы иаҵанакәа рацәоуп
Илиа Дарчиашвили – Адәныҟатәи азҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахеилак аилатәараҿы  рызынтәгьы иазгәарҭеит Қырҭтәыла европатәи аҭаацәараҿы ишырбо, уи ҳара ҳзы иаҵанакәа рацәоуп

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили иҳәамҭала, Евроеидгыла иалоу 27 ҳәынҭқаррақәа рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа рҽалархәрала имҩаҧгаз Ахеилак аилатәарашҟа Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр иааҧхьара даҽазнык аанарҧшуеит апартниорцәа ҳтәыла евроинтеграциа ишазҿлымҳау.

Дарчиашвили ишиҳәаз ала, иахьатәи аиҧылараҿы Евроеидгылеи Қырҭтәылеи 2 ганктәи русхәаҧштә иаҵанакәа азҵаарақәа ирылацәажәон.

Дарчиашвили иажәақәа рыла, аилатәара анапхгара азызуз Жозеп Боррель Қырҭтәыла евроинтеграциа азҵаарақәа дрыхцәажәеит.

«Иара иҟынтә адгыларатә ҳәамҭа ҳаҳаит, инеизакны иуҳәозар, аишәа гежь иалахәыз аҳәынҭқаррақәа зегьы рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа  ибзианы иҳахцәажәеит. Рызынтәгьы иазгәарҭеит Қырҭтәыла евроинтеграциа ишадгыло, ҳтәыла европатәи аҭаацәараҿы ишырбо. Уи  ареформақәеи есымшатәи ҳусуреи арҕәҕәаразы иаҵанакәа рацәоуп“, — иҳәеит  Илиа  Дарчиашвили.