Павел Ҳерчински – Рашәара 24тәи аӡбара Қырҭтәылазы раҧхьатәи аҵәҵәа акәын, арҭбаара иазку аҳасабырба – аҵыхәтәантәи аҵәҵәоуп, аиҳабыра ари азҵаара хшыҩзышьҭрала иазныҟәозар, ахырхарҭа рыҧсахроуп
«2022 шықәса хәажәкыразы Қырҭәтыла аиҳабыра Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа ҟарҵеит, 2023 шықәса хәажәкыразы акандидат астатус роуит, анеҩс, Қырҭтәыла азакәанқәа ирыдҳәаланы иакымкәа аӡбарақәа рыдыркылеит. Қырҭтәыла – ихьыҧшым ҳәынҭқарроуп, ирҭаху азакәанқәа рыдкылара азин рымоуп, аха, ҳара ақырҭуа жәлар идҳардырроуп иарбан закәанқәоу Евроеидгыла азакәанҧҵара иашьашәалам», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Ҳерчински.
Иара иажәақәа рыла, Рашәара 24тәи аӡбара Қырҭтәылазы раҧхьатәи аҵәҵәа акәын, арҭбаара иазку аҳасабырба – аҵыхәтәантәи аҵәҵәоуп, аиҳабыра ари азҵаара хшыҩзышьҭрала иазныҟәозар, ахырхарҭа рыҧсахроуп.