Қырҭтәылa aкоронaвирус 5204 aфaкт ҿыцқәa aaрҧшуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Ачымазарақәа рхылаԥшреи ауаажәларратә гәабзиарахьчаразы амилаҭтә центр.
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa ачымазара иалҵит 4785–ҩык aпaциентцәa, иԥсит 83-ҩык.
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп 52 834 атестқәа: 37227 – антиген азы, PCR – 15607.
Аҵоура арбага: ҽнактәи – 9.85%, иҳаҩсыз 14 мштәи – 9.85%, иҳаҩсыз 7 мштәи – 9.25%.
Атәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәан 791 115–ҩык, урҭ рҟынтә 727 184-ҩык aчымaзaрa иaлҵит, 11 140-ҩык иҧсит.
Атәылаҿ алаҵақәа рзыҟаҵоуп 2057216-ҩык, ҽнакала – 8224-ҩык.