Игорь Долгов - Ақырҭуааи, Қырҭтәыла иқәынхо украинааи, Қырҭтәыла аиҳабыреи ирылшо зегьы ҟарҵоит украинаа рыцхрааразы
«Ақырҭуааи, Қырҭтәыла иқәынхо украинааи, Қырҭтәыла аиҳабыреи ирылшо зегьы ҟарҵоит украинаа рыцхрааразы», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Украина ацҳаражәҳәаҩ Игорь Долгов апресс-конференциаҿы.
Ацҳаражәҳәаҩ ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла анапхгара Украина атәылауаа ацәаҳәа ҷыда рзаадыртит, хәыҧсада анхарҭақәа рырҭоит.
«Ҳара иарбанызаалак ацхыраара ҳаҭабууп, Қырҭтәыла ишҳадгыло ҳцәа ианыруеит. Аҳаиртә қәыҧшылара иаркуп, шәҩыла Украина атәылауаа Қырҭтәыла изалымҵуа иаанхеит. Ақырҭуааи, Қырҭтәыла иқәынхо украинааи, Қырҭтәыла аиҳабыреи ирылшо зегьы ҟарҵоит украинаа рыцхрааразы. Қырҭтәыла анапхгара Украина атәылауаа ацәаҳәа ҷыда рзаадыртит, хәыҧсада анхарҭақәа рырҭоит. Адунеи атәылақәа рацәа рҿы Украина адгыларатә акциақәа мҩаҧысуеит. Аха уи иазхома? Мап, иазхом. Асанкциақәагьы азхом. Ҳара раҧхьатәи ахархәагақәа ҳҭахуп. Украина адунеи атәылақәа зегьы рҟынтә ари ацхыраара ауиеит», — иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.