Иенс Столтенберг – НАТО алахәылацәа Урыстәылахь ааҧхьара ҟарҵеит Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи рҵакырадгьылтә акзаара пату ақәырҵарц, иарбанызаалак тәылак ахьыҧшымра азҵааразы акомпомисс зыҟалом
Иенс Столтенберг – НАТО алахәылацәа Урыстәылахь ааҧхьара ҟарҵеит Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи рҵакырадгьылтә акзаара пату ақәырҵарц, иарбанызаалак тәылак ахьыҧшымра азҵааразы акомпомисс зыҟалом

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг ишиҳәаз ала,   НАТО алахәылацәа Урыстәылахь ааҧхьара ҟарҵеит Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи рҵакырадгьылтә акзаара пату ақәырҵарц.

Иара иажәақәа рыла,  уи Европа аҭынчреи ашәарҭадареи азы аҳәынҭқаррақәа зегьы хымҧада зыхьчара руалу ахадаратә принципқәа иреиуп.

Иара убас,  Столтенберг ишазгәеиҭаз ала,  НАТО алахәылацәа Урыстәылаҟны адиалог иақәшаҳаҭуп,  аха,  ахадаратә принципқәа рзы акомпромисс зыҟалом.

«Аурыс арбџьармчқәа  Қырҭтәылагьы Украинагьы Молдовагьы игылоуп. Арҭ арбџьармчқәа абарҭ атәылақәа рҿы игылоуп атәылақәа рнапхгара рықәшааҳаҭрада.  Шәааи ҳәа рарымҳәеит,  рнеира аӡәгьы дақәшаҳаҭымызт.  Иахьа НАТО алахәылацәа Урыстәылахь ааҧхьара ҟарҵеит абарҭ атәылақәа рҟынтә арбџьармчқәа алыргарц,  Қырҭтәылеи Украинеи Молдовеи рҵакырадгьылтә акзаара пату ақәырҵарц. Атәылақәа зегьы Европа аҭынчреи ашәарҭадареи азы абарҭ апринципқәа рықәныҟәара ируалуп.

Ҳара Урыстәылаҟны адиалог ҳақәшҳаҭуп,  аха,  ахадаратә принципқәа рзы акомпромисс зыҟалом. Иарбанызаалак аҳәынҭқарра аҵакырадгьылтә акзаара аилагара ҟалом,  дара рхала рымҩа алырхроуп, НАТО алахәылацәа дара-дара рзинқәа рыхьчара азин рымоуп», — иҳәеит Иенс Столтенберг  НАТО – Урыстәыла ахеилак аилатәара ашьҭахь имҩаҧгаз абрифинг аҿы.