Иахьа инаркны Қырҭтәыла «Синофарм» ала авакцинациа иалагоит
Иахьа инаркны Қырҭтәыла «Синофарм» ала авакцинациа иалагоит

 

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр адыррақәа рыла,  «Синофарм» ала авакцинациа иалагоит  авакцинациа апроцесс иалахәы 33 аусбарҭақәа рҿы,  лаҵара 5 инаркны урҭ ирыцлоит даҽа  44 амедицинатә усбарҭақәа.

Асааҭ 09:30 Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы авакцина «Синофарм» алаҵа ҟаиҵеит Амиран Гамҟрелиӡе.

Аиммунизациа ахеилак аӡбара ала,  «Синофарм»  алаҵа ҟарҵар рылшоит 18 шықәса зхыҵхьоу  ауааҧсыра зегьы.  Убри азыҳәан дара апортал ҷыда аҿы арегистрациа иахысроуп.

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә  центр адыррақәа рыла, Қырҭтәыла авакцина  «Синофарм» алаҵа аҟаҵаразы активла арегистрациа мҩаҧысуеит, мшаҧы  27 инаркны арегистрациа иахысхьеит  17 613 атәылауаа.