Иахьа инаркны Қырҭтәыла акоронавирус иадҳәаланы ишьақәыргылаз аҧкрақәа зегьы инаӡаны еиҭашьақәгылоуп
Иахьа инаркны Қырҭтәыла акоронавирус иадҳәаланы ишьақәыргылаз аҧкрақәа зегьы инаӡаны еиҭашьақәгылоуп

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала, иахьа инаркны Қырҭтәыла акоронавирус иадҳәаланы ишьақәыргылаз аҧкрақәа зегьы инаӡаны еиҭашьақәгылоуп. Аусура нарыгӡоит аҧтекақәеи, афатә-ажәтә  адәқьанқәеи аветеринартә аҧтекақәеи мацара.

Ахеилак аӡбара ала, аџьармыкьақәагьы иаркуп.

Иара убас, ажьырныҳәа 3 инаркны 15нӡа аныҳәамшқәаны ирылаҳәоуп. Аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи хазхаҭалатәи аусбарҭақәеи аус руам, абанкқәеи атсратегиатә ҵакы змоу аобиектқәеи рыда.

Ҵхыбжьон аиҭаҵразы ишьақәыргылаз аҧкрагьы амч амоуп.  Атәыла зехьынџьара асааҭ  21:00 инаркны  05:00-нӡа шьапылагьы машьыналагьы аиҭаҵра ҟалом.