Аҧыза-министр иашьашәалоу аусбарҭақәа ирыдиҵеит амассатә вакцинациа апроцесс ҧырхагада амҩаҧгара еиқәдыршәарц
Аҧыза-министр иашьашәалоу аусбарҭақәа ирыдиҵеит амассатә вакцинациа апроцесс ҧырхагада амҩаҧгара еиқәдыршәарц

Амассатә вакцинациа апроцесс шымҩаҧысуа иалацәажәеит иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала имҩаҧгаз Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы.
Ишдыру ала, иҳаҩсыз амчыбжь азы атәыла аиуит Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара авторизациа змоу авакцинақәа  – „Синофарми“  „Синоваки“ миллион адозақәа, убри анеҩс, авакцинациазы арегистрациа еиҭалагеит.
Аҧыза-министр Агәабзиарахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа рҟынтә инарҭбаау аинформациа иоуит авакцинациа апроцесс шымҩаҧысуа иазкны. Ишазгәаҭаз ала, уажәазы атәыла зехьынџьара авакцинациа апрограмма иалахәып 160 амедицинатә усбарҭақәа, алаҵа аҟаҵаразы арегистрациа ҟалоит аелектронтә портали, иара убас, амедицинатә усбарҭа ацәаҳәа ҷыда алагьы, иашьашәалоу аинформациа кьыҧхьуп Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр авебдаҟьаҿы. Алаҵа ҟазҵар зҭаху ауааҧсыра арегистрациа иахысыр рылшоит ишиашо аклиникаҿы авизит аангьы.
Иара убас, хара имгакәа, атәыла иҵегьы авакцина адозақәа аиураны иҟоуп, урҭ етапла иааргоит, зынӡа, ашықәс анҵәамҭанӡа,  атәыла аиуеит  авакцина 4 миллион адозақәа.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, амассатә вакцинациа апроцесс хымҧада ирласны, қәҿиарала имҩаҧгазароуп,  авакцинациа апроцесс иаҧырхагахаша изакәызаалак мзызк иҟамзароуп.

Иара убас, Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы иалацәажәеит атәылаҿы иҟоу епидемиологиатә ҭагылазаашьа.

Ишазгәаҭаз ала, авакцинациа инаваргыланы, авирус аларҵәара апревенциазы зегьы иреиҕьу хархәагас иаанхоит асабрадаа аныҟәгара, асабрада хымҧада иныҟәгатәуп ауаа рацәа ахьеизо аҭыҧқәа рҿы, урҭ рыбжьара, аангыларҭақәеи, аџьармыкьақәеи, ауаажәларратә транспорти, иарку ақәыҧшыларақәеи рҿы.