Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа атәылауаа рахь ааҧхьара ҟарҵеит асабрадақәа ныҟәыргаларц, авакцинациа апроцесс активла рхы аладырхәырц
Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа атәылауаа рахь ааҧхьара ҟарҵеит асабрадақәа ныҟәыргаларц, авакцинациа апроцесс активла рхы аладырхәырц

Атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи, авирус аҿкаара арбагақәа рышьҭыҵреи, агоспитальтә сектор аҭагылазаашьеи иалацәажәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы.

Ишазгәаҭаз ала, аҭагылазаашьа ахылаҧшра ҟалоит, атыла аиҳабыра аҭагылазаашьа иахылаҧшуеит. Аамҭакала, активтә фактқәа рхыҧхьаӡара ацлара иаҿуп, абри азҵаара хшыҩзышьҭра ҷыда азутәуп, убри азыҳәан, атәылаҿы ишьақәыргылоу арегулиациақәа зегьы рықәныҟәара аҭахуп.

Аепидемиологцәа рдыррақәа рыла, авирус аҿкаара афактқәа зегьы раасҭа ирацәоуп авакцинациа арбага ахьылаҟәы арегионқәа рҿы, убри аҟынтә, алаҵақәа рыҟаҵара аласра аизырҳара азҵаара аҵакы ҷыда анашьоуп.

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟарҵоит арегулиациақәа ирықәныҟәаларц  –  иарту, иара убас, иарку ақәыҧшылараҿы асабрадақәа ныҟәыргаларц, асоциалтә дистанциа рыхьчаларц, авакцинациа апроцесс активла рхы аладырхәырц.

Ишдыру ала, алаҵақәа рыҟаҵара аинтенсивра аизырҳареи авакцинациа апроцесс арманшәалареи амзызла,  арегионқәа рҿы авакцинациа амарафон мҩаҧысуеит. Убри азыҳәан, амобилтә бригадақәа еиуеиҧшым анхарҭатә пунктқәа рышҟа инеины, ауаа аҭыҧаҿыҵәҟьа алаҵа аҟаҵара рыдаргалоит.