Иахьа ҳтелехәаҧшра аирамшуп  - раҧхьатәи адырраҭара алагара инаркны  66 шықәса ҵит
Иахьа ҳтелехәаҧшра аирамшуп  - раҧхьатәи адырраҭара алагара инаркны  66 шықәса ҵит

Қырҭтәыла раҧхьатәи адырраҭара алагара инаркны  66 шықәса ҵит. Иахьа Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара иамоуп 2 каналк   — «Актәи аканали»  «Ателешколи»,  2 радиок  — «Қырҭтәыла арадиои», «Қырҭтәыла арадио 2»,  иара убас,  онлаин-платформа 1tv.ge еиуеиҧшым арыцхәтә аалыҵ ала.

Қырҭтәыла Актәи аканал – амедиаџьармыкьаҿы  ақырҭуа программақәеи апроектқәеи ҭзыжьуа идуӡӡоу ааглыхҩуп, есышықәса акрызҵазкәа алагала ҟанаҵоит акреативтә сектори Қырҭтәыла аекономикеи аҿиара аус аҿы.

Ақырҭуа телехәаҧшра раҧхьатәи апрограмма аефирахь иҭыҵит  1956 шықәса ҧхынҷкәын  30 рзы, ари ахҭыс ҳтәыла аҭоурыхаҿ аҵакы ду аман. Аханатә апрограмма аефирахь иҭыҵуан мчыбжьыкахь хынтә.

2013 шықәсазы Ауаажәларратә дырраҭара ала ишьҭаркын атрадициа ҿыц,  Мҭаҵминда апарк аҿы,  ателебааш аҵакырадгьылаҿ,  алегендартә телеамҩаҧгаҩцәа: Алеқсандре Маҷавариании, Лиа Миқаӡеи, Џьульетта Вашаҟмаӡеи, Жанетта  Арчваӡеи, Нугзар  Џьуҕелии, Тенгиз Наҭаӡеи, Давиҭ Соколови, Ирине Матиашвилии, Ҭина Мгалоблишвилии,  Ирма Гуриелии рыеҵәақәа аадыртит.