Иахьа апарламенттә акомитетқәа рҿы аҧыза-министра азы акандидати аиҳабыреи рпрограмма ирзыӡырҩуеит
Иахьа апарламенттә акомитетқәа рҿы аҧыза-министра азы акандидати аиҳабыреи рпрограмма ирзыӡырҩуеит

Иахьа апарламенттә акомитетқәеи, афракциақәеи, аоппозициатә гәыԥқәеи рҿы аҧыза-министрахь акандидати аиҳабыреи рпрограмма ирзыӡырҩуеит.

Ашәахьазы афракциақәеи аоппозициатә гәыҧқәеи рҟны аиҧылара мҩаҧысуеит,  анеҩс,  апленартә аилатәараҿы аҧыза-министри аиҳабыратә программеи шьақәдырҕәҕәоит.

Иацы, Қырҭтәыла аҧыза-министр иҭыҧ азы акандидат Иракли Ҕарибашвили  аиҳабыра реилазаара ҿыц аирбеит. Аиҳабыра реилазаараҿы ҩыџьа аминистрцәа мацара рыҧсахит: Джуаншер Бурҷулаӡе атәылахьчара аминистрс дықәдыргылоит, Иракли Карселаӡе   – ирегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи  азы аминистрс.