Иапониатәи АИХ ринформациа инақәыршәаны, атәыла ҧасатәи аҧыза-министр Синӡо  Абе иоуз ахәра амшала дыҧсит
Иапониатәи АИХ ринформациа инақәыршәаны, атәыла ҧасатәи аҧыза-министр Синӡо  Абе иоуз ахәра амшала дыҧсит

Иапониатәи АИХ ринформациа инақәыршәаны, атәыла ҧасатәи аҧыза-министр Синӡо  Абе иоуз ахәра амшала дыҧсит.

Иапониа ҧасатәи аҧыза-министр   Синӡо  Абе, Нара ақалақь аҿы алхраҧхьатәи ауснагӡатә аҿы данықәгылоз,  амцабџьарла иеихсит.

АИХ адыррақәа рыла, азинхьчаҩцәа, уааҵәҟьа,  41 шықәса зхыҵуа ахаҵа дааныркылеит. Нара инхо  Теӡуиа Иамагами анкьа  Иапониа  Арра-мшынтә мчқәа дрылахәын.

Синӡо  Абе аҧыза-министрс дыҟан  2006-2007, иара убас,  2012-2020  шықәсқәа рзы.   2020 шықәсазы Синӡо Абе, игәабзиара аҭагылазаашьа амшала, инапынҵақәашьҭеиҵеит.