Иапониа, Ҳанедатәи аҳаирбаӷәазаҿ иҟалаз амашәыр аан хәҩык ҭахеит
Иапониа, Ҳанедатәи аҳаирбаӷәазаҿ иҟалаз амашәыр аан хәҩык ҭахеит

Иапониа, Ҳанедатәи аҳаирбаӷәазаҿ аҟәарахьчаратә ҳаирплани апассаџьыртә ҳаирплани к реинҟьараан, аҟәарахьчаратә ҳаирплан иҭатәаз хәҩык ҭахеит.

ВВС аинформациала, аҟәарахьчаратә ҳаирплан апилот акылԥара илгеит, аха ахәрақәа иоуит.

Иапониа аҟәарахьчаратә маҵзура аҟынтә ишаарыцҳаз, рҳаирплан Нототәи адгьылбжьахаҿ аадгьылҵысраан аԥхасҭазаузауааԥсыра рыцхырааразы, Ниигататәи аҳаирбаӷәазашҟа иԥыруан,

Апассаџьыртә аҳаирплан иҭатәаз зегьы еиқәхеит.

Ҳанедатәи аҳаирбаӷәазаҿ иҟалаз амашәыр иахҟьаны аԥыррақәа зегьы аԥыхуп.