Иапониа адгьылҵысра ӷәӷәа ҟалеит
Иапониа адгьылҵысра ӷәӷәа ҟалеит

Иапониа адгьылҵысра ӷәӷәа ҟалеит. ВВС аинформациала, аԥсабаратә рыцҳара атәыла агәҭанытәи ахәҭаҿы ҟалеит. Адгьылҵысра амч 7.6 амагнитуда аман. Нотои Ишикавеи рперфектурақәа рҿы цунами ашәарҭа иҟоуп. Аокеан агаҿы инхо атәылауаа аевакуациа рзыҟарҵароуп.

Иапониа аметеорологиатә маҵзура аинформациала, ацәқәырԥақәа рыҳаракыра 5 метр иаҟарахар ҟалап.