Иапониа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ асоциалтә аҳаҿы ишиҩыз ала, адгьылҵысра ҕәҕәа аан иара  зыласра дуу адәыҕба дҭан, адәыҕба уажәгьы аусура еиҭаламгацт
Иапониа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ асоциалтә аҳаҿы ишиҩыз ала, адгьылҵысра ҕәҕәа аан иара  зыласра дуу адәыҕба дҭан, адәыҕба уажәгьы аусура еиҭаламгацт

 

Адгьылҵысра ҕәҕәа аныҟалаз, Иапониа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ зыласра дуу адәыҕба дҭан.

Ҭеимураз Лежава ари атәы иҩит  Twitter аҿы. Иара иажәақәа рыла, аҧсабаратә рыцҳара амшала адәыҕба ааныркылеит, иара адәыҕба аҭыҵра анилшо макьана идырым. Аҭелтә аимадареи аинтеренети иҟоуп.

Иапониа аметеорологиатә маҵзура адыррала, анеҩстәи сааҭқәак рыҩныҵҟала адгьылҵысра еиҭаҟалар ауеит. Иапониа ишырҳәао ала, аиадертә обиектқәа рҿы аинцидентқәа иҟам.

Иахьа Иапониа   7,6 магнитуда амч змаз адгьылҵысра ҟалеит, уи иашьҭагыланы иҟалеит  50 афтершокқәа.  Амаҵзура ҷыдақәа уажәазы ирымоу аинформациа инақәыршәаны, фҩык иреиҵамкәа ахаҳәрҟәарақәа  рыҵаҟа иаанхеит,  30 ахыбрақәа аҧхасҭа роуит. Автомагистральқәа рҿы аиҭаҵра аанкылоуп. Иара убас,  Исикавеи Токиои рыбжьара зыласра дуу адәыҕбақәа реиҭаҵра аанкылоуп. Цунами ашәарҭара рылаҳәоуп, аха, уажәазы, ацәқәырҧақәа метрак еиҳам.