Иапониа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ  – Адгьылҵысра амшала Қырҭтәыла атәылауаа акгьы рмыхьит
Иапониа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ  – Адгьылҵысра амшала Қырҭтәыла атәылауаа акгьы рмыхьит

Иапониа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ҭеимураз  Лежава иҳәамҭала, аҵыхәтәантәи ҩымшы рыла ироуз адыррақәа инрықәыршәаны, Иапониа иҟалаз адгьылҵысра ҕәҕәа амшала Қырҭтәыла атәылауаа акгьы рмыхьит.

Ацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәыла атәылауаа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит иаҭаххар ацҳаражәҳәарҭа иадҵааларц, мамзаргьы Ацәаҳәа ҷыдала аҭел иасырц.

Адгьылҵысра аныҟала, Иапониа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ, иҭаацәара иманы, адәыҕбала, адгьылҵысра ахьыҟалаз аҭыҧашҟа дцон. Адгьылаҵантәи аахақәа рымшала рдәыҕба аангылеит, апассаџьырцәа зегьы астанциаҿы идыршеит.

Иапониа иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа ацҳаражәҳәарҭа Ацәаҳәа ҷыдахь аҭел иасыр рылшоит аномерла: +81 80 7933 5060.