Ҳанс Клиуге - Қырҭтәыла ахәшәқәа рганахьала имҩаԥгаз ареформақәа ирыбзуоарны аонкологиатә ахәшәқәа рыхә 45%-ла маҷхеит
Ҳанс Клиуге - Қырҭтәыла ахәшәқәа рганахьала имҩаԥгаз ареформақәа ирыбзуоарны аонкологиатә ахәшәқәа рыхә 45%-ла маҷхеит

Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара Европа арегионтә директор Ҳанс Клиуге Қырҭтәыла ахәшәқәа рыхә армаҷра ареформа ҿырԥштәыс ааигеит. Ари атәы аарыцҳаит Агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтә.

Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара Европа арегионтә комитет 73-тәи асессиаҿ Ҳанс Клиуге ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла ахәшәқәа рганахьала имҩаԥгаз ареформақәа ирыбзуоарны аонкологиатә ахәшәқәа рыхә 45%-ла маҷхеит.

Клиуге иажәақәа рыла, арҭ аԥсахрақәа ирыбзоураны аҳәынҭқарра ҩынтә иреиҳаны ахәшәқәа раахәара алшоит. Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара Европа арегионтә директор  ақәгылараан Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистр иҟны аиԥыларагьы дазааҭгылан, Зураб Азарашвили иҟны афармацевттә сектор аҿы имҩаԥысыз ареформа ишахцәажәаз иазгәеиҭеит.

„Қырҭтәыла, Қарҭ сыҟан. Қырҭтәыла ахәшәқәа рганахьала имҩаԥгаз ареформақәа ирыбзуоарны аонкологиатә ахәшәқәа рыхә 45%-ла маҷхеит.рҭ аԥсахрақәа ирыбзоураны аҳәынҭқарра ҩынтә иреиҳаны ахәшәқәа раахәара алшоит“, – Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара Европа арегионтә директор Ҳанс Клиуге Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара Европа арегионтә комитет 73-тәи асессиаҿ.