Ҳанс Клиуге – Қырҭтәыла апрогресс зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчара аиқәыршәара иазку аполитика шыҕәҕәоу  аанарҧшуеит
Ҳанс Клиуге – Қырҭтәыла апрогресс зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчара аиқәыршәара иазку аполитика шыҕәҕәоу  аанарҧшуеит

«Адиагностикатә гәыҧқәа аҧара рзоушьҭра амодель аларҵәареи, ахәшәқәа рыхәқәа рхылаҧшреи, акьыба ачымазара зыхәшәтәуа ахәшәқәа рхархәара алшара аизырҳареи аганахьала Қырҭтәыла  иҟоу апрогресс  зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчара аиқәыршәара иазку аполитика шыҕәҕәо аанарҧшуеит», — иануп  Агәабзиарахьчара адунеитә аиҿкаара Европатәи арегионалтә биуро адиректор Ҳанс Клиуге Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Зураб Азарашвили изиҩыз ашәҟәы аҟны.

Ҳанс Клиуге ишазгәеиҭаз ала, атәылаҿ имҩаҧгаз ареформақәа рыбзоурала, Қырҭтәыла,  Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкааразы иҿырҧшыгоу тәылас иҟалеит.

«Алҵшәа бзиа зхылҵыз абри аполитика Қырҭтәыла ауааҧсыра рфинанстә шәарҭадаразы анырра бзиа амоуп, егьырҭ аҳәынҭқаррақәагьы ари усхкы аҿы ареформақәа рымҩаҧгаразы гәызҭаҵагас ирзыҟалеит. Сара даҽазнык ишьақәсырҕәҕәоит Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара ареформақәа зегьы рымҩаҧгараҿы еснагь Қырҭтәыла ацхраара ишазыхиоу», — азгәеиҭеит Ҳанс Клиуге.

Ҳанс Клиуге визитла Қырҭтәыла даныҟаз, агәабзиарахьчара аминистр Зураб Азарашвилии, ихаҭыҧуаа Ҭамар Габуниеи Илиа Гудушаурии қәҿиарала аусеицуразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.