"Ҳамас" ЕАШ  ахара аднаҵоит палестинатәи жәлар рахь агрессиа аҽалархәраз
"Ҳамас" ЕАШ ахара аднаҵоит палестинатәи жәлар рахь агрессиа аҽалархәраз

“Ҳамас” ЕАШ палестинатәи жәлар рганахьала агрессиа аҽалархәра аханараҵоит. ЕАШ Адгьылбжьаха амшын мрагыларашҟа авианыҟәгагеи, аракетатә креисери анырҵәаҩи рышьҭит.

„Ҳара ари ҳацәшәом, ҳажәлар аҿагылареи иԥшьоу ҳҭыԥқәа рыхьчареи нанагӡоит”, – иҳәеит “Ҳамас” аспикер Ҳазем Касем.

ЕАШ Израиль адгылара аарԥшразы, Израиль ааигәара арратә аӷбақәеи аҳаирпланқәеи рышьҭра иазку аӡбара днакылеит.

ЕАШ атәылахьчара маӡаныҟәгаҩ Ллоид Остин ишааицҳаз, америкатә авианыҟәгага Адгьылбжьаха амшын мрагыларашҟа рышьҭит.