Ҳаԥхьаҟа аковидстатистика мызкы ахь знык ирҿыцхоит
Ҳаԥхьаҟа аковидстатистика мызкы ахь знык ирҿыцхоит

Ҳаԥхьаҟа аковистатистика мызкы ахь знык ирҿыцхоит, иашьҭареиуа адыррақәа жьҭаара алагамҭазы аладырҵәоит. Ари атәы аарыцҳаит Агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтә.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, ари иадҳәалоуп авирус аларҵәара амаҷра, аепидҭагылазаашьа аҭышәынтәалара.

Сынтәа, лаҵара инаркны аковидстатистика мчыбжьык ахь знык цәыргахон.