Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура уаанӡатәи аиҳабы Григол Лилуашвили дҭаркит.
Қырҭтәыла апрокуратура Хада аҿы имҩаԥысыз абрифинг аҿы абри азы адырра ҟаиҵеит апрокурор хада Гьаргь Гваракиӡе.
Лилуашвили идырҵаз ахарадҵарақәа иреиуп аҵыртыша агареи колл-центрқәа рыдҳәалареи.
Григол Лилуашвили идырҵаз ахарадҵарақәа рыла иазҧхьагәаҭоуп 11 шықәса инаркны 15 шықәсанӡа аҭакра.