Григол Лилуашвили Испаниа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр диҧылеит
Григол Лилуашвили Испаниа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр диҧылеит

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы  Григол Лилуашвили Испаниа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Фернандо Гранде-Марласка диҧылеит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура апресс-маҵзура.

«Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа арегион ашәарҭадареи Қырҭтәылеи Испаниеи русеицура ахадаратә хырхарҭақәеи ирылацәажәеит.

Иаҵшьны иазгәаҭан азеиҧш шәарҭарақәа рыҿагылара аус аҿы аинтенсивтә усеицура аҵакы.  Григол Лилуашвилии Фернандо Гранде-Марласкеи наҟ-наҟтәи аусеицура апланқәагьы ирзааҭгылеит», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.