Григол Лилуашвили, аҧкратә усмҩаҧгатә аҳасабала, абаандаҩтәра иқәырҵеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ҧасатәи анапхгаҩы Григол Лилуашвили, аҧкратә усмҩаҧгатә аҳасабала, абаандаҩтәра иқәырҵеит.
Ақәҵара идикылеит аӡбаҩ Арсен Калатозишвили.
Иахьатәи аилатәара ирку арежимаҿ имҩаҧган. Ахара зду Григол Лилуашвили аилатәараҿ дыҟамызт.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ҧасатәи анапхгаҩы Григол Лилуашвили иацы даанкылан. Апрокуратура адыррала, иара заанаҵтәи еиқәшаҳаҭрала аҵыртыша ду агара ихарарҵоит. Ари ацәгьауразы 11 шықәса инаркны 15 шықәсанӡа аҭакра иазҧхьагәаҭоуп.