Гыртәыла, аиҟәшаратә цәаҳәа иаԥну ақыҭақәа рҿы инхо хылаԥшрада иаанхаз, иара убас зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа афатәаалыҵи агигиенатә хархәагақәеи рызнаргеит
Гыртәыла, аиҟәшаратә цәаҳәа иаԥну ақыҭақәа рҿы инхо хылаԥшрада иаанхаз, иара убас зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа афатәаалыҵи агигиенатә хархәагақәеи рызнаргеит

Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи рзы аҳәынҭқарратә министр Ҭеа Ахвледиани Ҵаленџьиха араион ақыҭақәа Ҷалеи Ԥоцхоеҵерии дыҟан. Ҭеа Ахвледиании Гыртәыла иҟоу аҳәынҭқарратә хаҭарнак инапынҵақәа назыгӡо Малхаз Ҭориеи хылаԥшрада иаанхаз, иара убас зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа афатәаалыҵи агигиенатә хархәагақәеи рызнаргеит.

Аиҟәшаратә цәаҳәа иаԥну 116 қыҭақәа рҿы инхо ахәыҷқәа ацхыраара рзаарԥшын аминистр лаппарати ЕАР ахәыҷқәа рфонди, UNICEF-и рыдгылара ала.