Гәыҧҩык ақырҭуа експертцәа Иенс Столтенберги НАТО иалоу атәылақәа рнапхгаҩцәеи иаарту ашәҟәы рыздәықәырҵеит
Гәыҧҩык ақырҭуа експертцәа Иенс Столтенберги НАТО иалоу атәылақәа рнапхгаҩцәеи иаарту ашәҟәы рыздәықәырҵеит

Атәылауаҩратәи академиатәи гәыҧқәа рхаҭарнакцәа  НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберги НАТО иалоу атәылақәа рнапхгаҩцәеи иаарту ашәҟәы рыздәықәырҵеит.

Ашәҟәы ишану ала, Қырҭтәыла, ашәарҭадара агарантиа ҿыцқәа аҭатәуп, атәыла ахыхьчаралшара арҕәҕәара иазку аӡбара рыдыркылароуп,  2008 шықәсазы Бухарест имҩаҧысыз НАТО асамиит аҿы Қырҭәтыла иарҭаз ақәыргәыҕрақәа  нарыгӡароуп.

«Украина имҩаҧысуа агрессиа афонаҿ лабҿаба иубарҭоуп Алианс иалалар зҭаху Қырҭтәыла Урыстәылазы анеҩстәи ацәҟьарас иҟалар шалшо.  Иахьа, раҧхьа иргыланы, жәларбжьаратәи ауаажәларра Украина имҩаҧысуа аибашьра аанкыларазы мҩак рыҧшароуп,  насгьы, ҳаҧхьаҟа  Урыстәыла аанкылара зларылшаша ахархәагақәа рыҧшароуп, наҟ-наҟ Кремль Қырҭтәылагьы изажәымларц азын.

Уажәтәи аҭагылазаашьа амшала, Амшын еиқәа арегион ашәарҭадара азҵаара аҵакы ҷыда аиуит.  Ари аганахьала, Қырҭтәыла, Амшын еиқәа арегион ашәарҭадареи аекономикеи аҿы алагала ду ҟанаҵар алшоит.  Абарҭ аҭагылазаашьақәа иазҧхьагәаҭаны,  2022 шықәсатәи Мадридтәи НАТО асаммит аҿы аполиткиатә аӡбарақәа рыдкылара иахәҭоуп ҳәа ҳгәы иаанагоит.  Қырҭтәыла, ашәарҭадара агарантиа ҿыцқәа аҭатәуп, атәыла ахыхьчаралшара арҕәҕәара иазку аӡбара шәыдышәкылароуп,  2008 шықәсазы Бухарест имҩаҧысыз НАТО асамиит аҿы Алианс алахәылацәа Қырҭтәыла иарҭаз ақәыргәыҕра  нашәыгӡароуп.

Иахьатәи аҭагылазаашьа анализ ашьаҭала ҳгәы ишаанаго ала, НАТО ашҟа Қырҭтәыла алалара ҳтәыла ашәарҭдаразы альтернатива змам ареалтә гарантиахоит.  Қырҭтәыла Алианс алаларазы апрактикатә хархәагақәа зегьы амоуп, насгьы, ҳтәыла Амшын еиқәа арегион ашәарҭадара арҕәҕәараҿы алагала ду ҟанаҵар алшоит. Амшын еиқәа арегион аҿы аҭышәынтәылара  аныҟамла, Европа ашәарҭадарагьы изеиқәыршәахом», — иануп иаарту ашәҟәы аҟны.

Ашәҟәы рнапы аҵарҩит аналитикатә центр  «Џьеоқеис» анапхгаҩы  Виктор Ҟиҧиании, аиҿкаара егьырҭ алахәылацәеи, атәылауаҩратәи академиатәи гәыҧқәа рхаҭарнакцәеи.