Гиули Аласаниа лажәақәа рыла, Аиустициа аминистр илҭаз адемарш иазку ашәҟәы аҟны иануп Саакашвили зыԥшра ҟамҵакәа аҳәаанырцә дышгатәу
Гиули Аласаниа лажәақәа рыла, Аиустициа аминистр илҭаз адемарш иазку ашәҟәы аҟны иануп Саакашвили зыԥшра ҟамҵакәа аҳәаанырцә дышгатәу

Қырҭтәыла ԥасатәи ахада иан, Гиули Аласаниа лажәақәа рыла, Аиустициа аминистр илҭаз Евроеидгыла иалоу 27 тәыла рыхьӡала адемарш иазку ашәҟәы аҟны иануп Саакашвили зыԥшра ҟамҵакәа аҳәаанырцә дышгатәу.

Аиустициа аминистр Рати Брегаӡе иҟаиҵаз аҳәамҭала, “ацҳаражәҳәаҩцәа рҟны аиԥылараҿ Саакашвили аҳәаанырцә игара азҵаара, иара убас иконкрету атәылахь игара азҵаара иқәгыламызт.  Ари азы Гиули Аласаниа ишылҳәаз ала, “Урҭ рҟынтә ииашам адырра раԥхьаӡа шәаҳама? Уи акгьы ихьым ҳәа уигьы рҳәоит, кьылакь бжаки ифоит мышкала ҳәа, аха аҭагылазаашьа зеиԥшроу иубарҭоуп.

Аласаниа ишылҳәаз, Михеил Саакашвили адемарш азҵаара иазкны дымцәажәеит.

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Ҳерчински иҳәамҭала, иареи Швециа ацҳаражәҳәаҩи, Евроеидгыла иалоу  27 ҳәынҭқарра рыхьӡала, Михаил Саакашвили иус иадҳәаланы, аиустициа аминистр демарш иҭеит.