Гиви Миқанаӡе - Атәылақәа рацәа аинтерес ду ала Қырҭтәылеи Азербаиџьани реизыҟазаашьақәа шыҕәҕәахо иацклаҧшуеит, џьоукы уи ргәаҧхом, иҳаҵашьыцуеит, аха, уи дара ирусуп
«Атәылақәа рацәа аинтерес ду ала Қырҭтәылеи Азербаиџьани реизыҟазаашьақәа шыҕәҕәахо иацклаҧшуеит, џьоукы уи ргәаҧхом, иҳаҵашьыцуеит, аха, уи дара ирусуп», – иҳәеит апарламенттә аиҳара алахәыла Гиви Миқанаӡе азербаиџьантәи АИХқәа аинтервиу анриҭоз.
Иара игәаанагарала, хара имгакәа Европа ҽакала Қырҭтәыла иазныҟәо иалагоит.
«Азербаиџьани азербаиџьан жәлари рыҳасабтәқәа шырацәоу еилаҳкаауеит, иара убас, шәаргьы ибзиаӡаны еилышәкаауеит ҳара ҳпроблемақәа зеиҧшроу. Убри аҟынтә, атәылақәа рацәа аинтерес ду ала Қырҭтәылеи Азербаиџьани реизыҟазаашьақәа шыҕәҕәахо иацклаҧшуеит, џьоукы уи ргәаҧхом, иҳаҵашьыцуеит, аха, уи дара ирусуп
Аҭоурыыхаҿ иҟаз аимпериа дуқәа адунеибжа импыҵахаланы ирыман, аха иахьа арҭ аимпериақәа ахсаалаҿы иҟам. Усҟак идуум ҳтәылақәа еиқәхеит, ҳажәларқәа еиқәхеит, ҳхьыҧшымра ҳахьчеит, избанзар, еснагь ҳтрадициақәеи ҳмилаҭтә ҷыдарақәеи ҳрықәныҟәон.
Европатәи атәылақәак рҿы арҕьаратә мчқәа иаҳа-иаҳа иҕәҕәахоит. Венгриеи Словакиеи мацараҿ акәымкәа, Германтәыла, Австриа, Франциа уҳәа, атәылақәа рацәа рҿы арҭ апроцессқәа иалагеит. Амилаҭтә принципқәа рыхьчара иазку арҕьаратә мчқәа иаҳа-иаҳа иҕәҕәахоит, ҳтәылақәа ирҿагыло алибералтә армаратә мчқәа хәыҷы-хәыҷла анырра рцәыӡуеит. Убри аҟынтә, хара имгакәа, аҭагылазаашьа аҽаҧсахуеит ҳәа сгәы иаанагоит. Иара убас, Трамп Аҩны шкәакәашҟа даныхынҳәлак ҳара ҳзы зҵакы дуу аиҭакрақәа ҟалар ауеит», – иҳәеит Гиви Миқанаӡе.