Гиги Угулава  аӡбаҩ аҕьымӡҕ иргаразы аӡбарҭа азал аҟынтә ддәылыргеит
Гиги Угулава  аӡбаҩ аҕьымӡҕ иргаразы аӡбарҭа азал аҟынтә ддәылыргеит

Абҵара  7 аус азы ахара зду  Гиги Угулава  Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа азал аҟынтә ддәылыргеит.

Уаанӡа аӡбарҭа азал  аҿы аимак рыбжьалеит, Гиги Угулава  аилатәарашҟа Михаил Саакашвили инагара даҳәеит.

«Иҟашәҵо закәызеи? Шәара Аконституциа шәақәыҕьцәеит», — иҳәеит Угулава аӡбаҩ иахь ихы рханы.

Аӡбаҩ Угулава аӡбара аҕьымӡҕ аиргеит ҳәа иҳәан, азинхьчаҩцәа Угулава ддәылыргарц рыдиҵеит.