Германтәыла Бундестаг апарламенттә гәыҧ Германтәыла–Аахыҵ Кавказ алахәылацәа  Қырҭтәыла иаҭаауеит  
Германтәыла Бундестаг апарламенттә гәыҧ Германтәыла–Аахыҵ Кавказ алахәылацәа  Қырҭтәыла иаҭаауеит  

Хәажәкыра 22-24 рзы Қырҭтәыла иаҭаауеит Бундестаг апарламенттә гәыҧ Германтәыла–Аахыҵ Кавказ алахәылацәа.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аделегациа алахәылацәа Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии, Қырҭтәыла апарламент еиуеиҧшым акомитетқәа рхантәаҩцәеи, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Хвҭисиашвилии ирҧылоит.

Ари авизит  апарламенттә еизыҟазаашьақәа рырҭбаара иазкуп, аганқәа рхаҭарнакцәа азинтә ҳәынҭқарреи, адәныҟатәии аҩныҵҟатәии аполитикеи, европатәи аполитикатә хырхарҭеи иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәоит.