Бундестаг аҿы ишьақәдырҕәҕәеит Питер Фишер апартиа  „Қырҭтәылазы“ ахаҭарнак дшиҧылаз, аха, ацҳаражәҳәаҩ Мамука Хазараӡе иҟынтә зыхә дуу амал қьырала игазшәа аларҵәара зауз аинформациа мап ацәыркит
Бундестаг аҿы ишьақәдырҕәҕәеит Питер Фишер апартиа  „Қырҭтәылазы“ ахаҭарнак дшиҧылаз, аха, ацҳаражәҳәаҩ Мамука Хазараӡе иҟынтә зыхә дуу амал қьырала игазшәа аларҵәара зауз аинформациа мап ацәыркит

Германтәыла аиҳабыра,  Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ Петер Фишер ила Мамука Хазараӡе иҟынтә зыхә дуу амал қьырала агареи, аицҳаражәҳәаҩ аоппозициа ахаҭарнакцәа рҟны имҩаҧигоз аиҧыларақәеи, арҭ аиҧыларақәа рхықәки иазкны  апартиа „Альтернатива Германтәылазы“ иқәнаргылаз азҵаарақәа аҭак рырҭеит.

Бундестаг аҭак аҿы ишазгәаҭоу ала, Мамука Хазараӡе иҟынтә зыхә дуу амал қьырала агара иазку аинформациа ииашам.

Аоппозициа ахаҭарнакцәа рҟны аиҧыларақәа ирыдҳәаланы ишазгәаҭоу ала, Питер Фишер апартиа  „Қырҭтәылазы“ ахаҭарнак диҧылеит  2025 шықәса жьҭаара 4 рзы имҩаҧгаз аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа рышьҭахь. Германтәыла аиҳабыра рҳәамҭала, аиҧыларақәа мҩаҧысуеит Венатәи аконвенциа иашьашәаланы.

„Афедеративтә еиҳабыра, аконфиденциалтә дискуссиақәа рҵакы иадҳәаланы аилыркаарақәа ҟарҵом“, – иануп Бундестаг аҭак аҿы.

Иара убас, Германтәыла аиҳабыра ринформациа инақәыршәаны, ари аамҭа иалагӡаны, Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ,  знык, Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә усмҩаҧгарҭа аиҳаби, знык адәныҟатәи аусқәа рминистри дырҧылеит.

Апартиа  „Альтернатива Германтәылазы“ (AfD) апарламенттә гәыҧ, Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ Питер Фишер идҳәаланы,  Германтәыла аиҳабыра азҵаарақәа рыла ирыдҵаалт.