Апартиа «Альтернатива Германтәылазы» Германтәыла анапхгара ирыдҵаалт Қырҭтәыла иҟоу иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рыцхраара иазку азҵаарақәа рыла
Апартиа «Альтернатива Германтәылазы» Германтәыла анапхгара ирыдҵаалт Қырҭтәыла иҟоу иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рыцхраара иазку азҵаарақәа рыла. Ари атәы иануп Бундестаг асаитаҿ.
Афранкциа AfD алахәылацәа еилыркаар рҭахуп Қырҭтәыла иҟоу иарбан иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәоу 2020 шықәса инаркны Германтәыла афедеративтә еиҳабыра рҟынтә ацхыраара зауаз. Иара убас, адепутатцәа интересс ирымоуп ари ацхыраара хықәкыс иамаз, изакәытә ҳасабтәқәоу изызкыз, шаҟа аҧара рзоушьҭыз, иарбан проектқәоу инагӡаз.
Иара убас, апартиа алахәылацәа интересс ирымоуп иарбан иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәоу Германтәыла аиҳабыра рҟны аимадара змаз, насгьы, аоппозициаа ирыдҳәалаз, Германтәыла анапхгареи ацҳаражәҳәаҩи ари аусеицура иахьынӡаиалахәыз.
Аинформациаҿы ишазгәаҭоу ала, уаанӡа апартиа «Альтернатива Германтәылазы» афедералтә аиҳабыра ирыдҵаалт Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ Петер Фишер иоуранагӡара иадҳәаланы. Убри ашьҭахь, Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Петер Фишер Берлинҟа аконсультациақәа рзы иҧхьеит. Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишырҳәаз ала, наҟ-наҟ аусура шынарыгӡаша рыӡбароуп.