Питер Фишер  -  Сара  39 шықәса Германтәыла аиҳабыра рзы аус зуан, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра мацарантә  аинструкциақәа соуан, уажә ирхәыцыз  „диҧ сҭеиҭ“ аҟынтә акәымкәа
Питер Фишер  -  Сара  39 шықәса Германтәыла аиҳабыра рзы аус зуан, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра мацарантә  аинструкциақәа соуан, уажә ирхәыцыз  „диҧ сҭеиҭ“ аҟынтә акәымкәа

Узыргәымҵша адыррақәа  ҳаҳаит, – иҩит Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ Питер Фишер  асоциалтә аҳаҿы, акциақәа раан иаанкылаз ауаа рҭаацәарақәа рылахәылацәа данырҧыла ашьҭахь.

Иара иажәақәа рыла,  Қырҭтәыла уажәтәи амҩала ацара нанагӡар, Евроеидгылаҿ ахатә  аҧеиҧш ашәарҭа иҭанаргылоит, Германтәылаҟны аизыҟазаашьақәагьы ҧхасҭанатәуеит.

„Иаанкылоу ауаа рҭаацәарақәа рҟынтә узыргәамҵша адыррақәа ҳаҳаит. Қырҭтәыла уажәтәи амҩала ацара нанагӡар, Евроеидгылаҿ ахатә аҧеиҧш ашәарҭара иҭанаргылоит, Германтәылаҟны аизыҟазаашьақәагьы ҧхасҭанатәуеит. Сара уи гәыкала исҳәоит, избанзар, Қырҭтәыла пату ақәысҵоит. Еилыкка исҳәар сҭахуп,  сара  39 шықәса Германтәыла аиҳабыра рзы аус зуан, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра мацарантә  аинструкциақәа соуан, уажәы ирхәыцыз  „диҧ сҭеиҭ“ аҟынтә акәымкәа“, – иҳәеит Фишер.