Георги Гахариа – Ҳалхыҩцәа ҟәышуп, аҩбатәи атур аҿы рыбжьы зырҭаша раҳәатәым
Георги Гахариа – Ҳалхыҩцәа ҟәышуп, аҩбатәи атур аҿы рыбжьы зырҭаша раҳәатәым

«Ҳалхыҩцәа ҟәышуп, аҩбатәи атур аҿы рыбжьы зырҭаша раҳәатәым», — иҳәеит апартиа  «Қырҭтәыла адгыларазы» ахантәаҩы Гьаргь Гахариа.

Иара иажәақәа рыла, алхыҩцәа апартиа  «Қырҭтәыла адгыларазы» рыбжьы анарҭоз, лабҿаба аадырҧшит арадикализациеи, амчра аконцентрациеи ишақәшаҳаҭым, амчқәа рбаланс ишадгыло.

«Ҳара арадикализациеи амчра аконцентрациеи, аҧаршеиреи, аҕьычреи, ҳуааҧсыра рбыжьқәа раахәареи  иаартны ҳаҿагылоит.

Ҳара уажәтәи анапхгара атәыла абри аҩыза аҭагылазаашьанӡа анагара алшара ахьраҳҭаз азы аҭакҧхықәра ҳхы иадаҳҵоит.  Иахьа  «Амилаҭтә ҵысра» амитинг мҩаҧыргоит, ақалақь ахада иҭыҧ азы акандидат атәыла ҧасатәи ахада ивара абахҭа дҭакызар акәын, аха, уи ацынхәрас, иара акциа мҩаҧигоит, уи азы аҭакҧхықәра ҳхы иадаҳҵоит. Ҳалхыҩцәа ҟәышуп, рыбжьы зырҭаша раҳәатәӡам», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Алхратә комиссиа хада занаҵтәи алҵшәақәа рыла, Қарҭ аҩбатәи атур мҩаҧысуеит  «Ақырҭуа гәахәтәы» аҟынтә ақалақь ахада иҭыҧ азы акандидат Каха Калаӡеи  «Амилаҭтә ҵысра» аҟынтә акандидат Ника Мелиеи рыбжьара.