«Газпром» ишаанацҳаз ала, агазмҩангага  «Аҩадатәи поток -1» даҽа турбинак аусура аанкылоуп, убри амшала Европа ҩынтә иаҳа имаҷны агаз аиуеит
«Газпром» ишаанацҳаз ала, агазмҩангага  «Аҩадатәи поток -1» даҽа турбинак аусура аанкылоуп, убри амшала Европа ҩынтә иаҳа имаҷны агаз аиуеит

Урыстәылатәи аилахәыра «Газпром» ишаанацҳаз ала, агазмҩангага  «Аҩадатәи поток -1» даҽа турбинак аусура аанкылоуп, убри амшала Европа ҩынтә иаҳа имаҷны агаз аиуеит.  Аилхәыраҿы ишырҳәаз ала, атурбина аусура аанкылоуп атехникатә усурақәа рымшала.

«Газпром» адыррала,  атурбина аусура аанкылара ашьҭахь,  агазмҩангага  «Аҩадатәи поток-1»  уахыки-ҽнаки рыла  33 миллион акубтә метр мацара аҧсабратә  газ амҩангара алшоит,  уи апланла иазҧхьагәаҭаз агаз аҭаӡара зегьы аҟынтә  20% мацароуп.

Зыӡбахәы ҳәоу аӡбара амшала,  Европа агаз ахә шьҭыҵит,  уажәазы Европа  зқьы кубометр агаз  1860 адоллар иаҧсоуп.