Габриелиус Ландсбергис – Ҳара украинаа ршьала анефҭ ахәҧса ҳазшәом
Габриелиус Ландсбергис – Ҳара украинаа ршьала анефҭ ахәҧса ҳазшәом

Литва адәныҟатәи аусқәа рминистр  Габриелиус Ландсбергис жәларбжьаратәи ауаажәларрахь ааҧхьара ҟарҵеит урыстәылатәи аенергоресурсқәа рыҭиразы аембарго шьақәдыргыларц.

«Ҳара иааҳхәо аенергоресурсқәа рҟынтә ироуа аҧарала Урыстәыла арратә операциа мҩаҧнагоит.  Ҳара украинаа ршьала анефҭ ахәҧса ҳазшәом», — иҳәеит  Ландсбергис Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩи иареи реиҧылараҿы данықәгылоз.

BBC ишаанацҳаз ала, Бриуссель Италиа аҧыза-министри Еврокомиссиа ахадеи еиҧылараны иҟоуп.  Дара  урыстәылатәи аенергоресурсқәа рхьыҧшызаара аганахьала Италиа аҭагылазаашьеи ари атәыла альтернативтә   аенергоресурсқәа рыла аиқәыршәаразы имҩаҧгатәу ауснагӡатәқәеи ирылацәажәоит.